Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

"Ахыбқәа ирықәырҵоз, хәшәыс рхы иадырхәоз": аҭырас иазкны дыррақәак

Дата публикации: 27-09-2026 19:00:29

Аҭырас иазкну дыррақәак шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20260927/akhyba-iryyroz-khshys-rkhy-iadyrkhoz-ayras-iazkny-dyrraak-1065978059.html

"Ахыбқәа ирықәырҵоз, хәшәыс рхы иадырхәоз": аҭырас иазкны дыррақәак

"Ахыбқәа ирықәырҵоз, хәшәыс рхы иадырхәоз": аҭырас иазкны дыррақәак

Sputnik Аҧсны

Аҭырас иазкну дыррақәак шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны. 27.09.2026, Sputnik Аҧсны

2026-09-27T22:00+0300

2026-09-27T22:00+0300

2026-09-27T22:00+0300

аԥсны

жәлар рдоуҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103027/86/1030278618_0:1221:2001:2346_1920x0_80_0_0_54be43b857c33066a0b3269fdd00a3d9.jpg

Аԥсны инхо, хәыҷи-дуи аҭырас зымбац аӡәгьы даҟам. Иазҳауеит адәқәа, абна, абна аҿықәқәа рҿы. Иҿиоит абыбыцқәа рыла еиԥш анышә иҵоу адацырша алагьы. Аӡын анышә иҵыҳәҳәо аҭырас хҩаауеит, ааԥын аҿыц ахылҿиаауеит.Аҭырасқәа ашықәс рацәаӡа зхыҵуа, анкьа аҵлеиԥш идуӡӡаз, уажәыгь аԥхарра тәылақәа рҿы акы-ҩба хкы аҵлақәа реиԥш изызҳауа, аха уеизгьы аҳаскьынқәа иреиуоу ҵиаақәоуп.Ԥаса аҭырас былны иалҵуа ахәа асапынҟаҵареи асаркьаҟаҵареи рҿы хархәара аман. Азиа тәылақәа рҿы аҭырас аҟатара фатәыс рхы иадырхәоит, адацырша ҟәаҟәаны ахәшә алырхуеит.Ажәытәан, ҳзышьцылахьоу аҩнқәа аныҟамыз аҭырас ахыбқәа ирықәырҵон. Аҭырас зқәырҵоз ахыбрақәа хаҳәҵәаҳәла еибаркны, иласкьаганы быцала ишышны, ӡарҵәила еидҿаҳәаланы иҟарҵон. Азгәаҭа: аӡарҵәи (иаанагоит "арасамахә аӡа").АмифологиахьтәАҭырас ахархәашьаАҭырас иахылҵуа афҩы амикробқәа ашьуеит. Уимоу, аҵиаа анҩоугьы амҵқәеи егьырҭ ахәаҷамаҷақәеи ааигәара инеиӡом. Арас ахьыҟоу афатә ԥакәиӡом, ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи бааӡом. Убри азоуп аԥсуаа ашәыр анырҵәахуаз, арас аҵаҵаны изынрыжьуа.Аԥсны аҭырас рхы иадырхәоит, иара убас ацитрус ҵиаақәа аӡын рҭаҳәҳәаразы.Жәлар рмедицинаЛафк ахыркәшамҭазыАрҿиаҩы Анатоли Аџьынџьал иҩымҭақәа реизга "Иалкаау" иагәылалеит "Шьаруан иқьаса" захьӡу алафк. Уи алагоит абас:"Шьаруан дбеиан. Аԥара рацәаны иман, аԥсахра ҳәа есқьынгьы ауаа ддыргәамҵуан. Ҽнак иԥарақәа иҵәахырц иӡбеит. Ашәындыҟәра иааҭиган, ақьаса инҭаҵаны ибораҿ икыдгылаз арыԥхь аԥышҵа инахаирԥан, аҭырас хыбра иналаиҵеит. Даагьежьит, аҳыҳ, уажәшьҭа зегьы шәҭынчха иҳәан.Дук мырҵыкәа ӷьычк арыԥхь данааха, ақьаса наимҵаҳаит. Ахьышәҭҳәа аԥарақәа иџьыба инҭеиҵан, ақьаса уацла ирҭәны арыԥхь инхишьын, дныҵашәкәа дцеит.Иԥарақәа ибарц Шьаруан днеизар, абар алакә! Иқьаса аҽуац ҭоуп. Инарҳәы-аарҳәуа икын ҳамҭакы, ашьҭахь, ҿааиҭит: "Аԥарақәа аӷьыч игеит усгьы, аха исзеилымкаауа – абри аҽы ақьаса иабаҭанагалеи, уҳәарауазеи?".Азгәаҭа: ақьаса (даҽакала "аԥараҭра").Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика" .

https://sputnik-abkhazia.info/20260328/akhya-tsga-izyrsho-adutsa-rzy-khshra-zlou-aiaa-khky-akhats-iakhaany-1061878393.html

https://sputnik-abkhazia.info/20260729/akhylarch-shkaka-zkhou-aiaa-ashbybk-ialou-akharara-iazkny-1064656129.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

2026

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

1920

1080

true

1920

1440

true

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103027/86/1030278618_0:1034:2001:2534_1920x0_80_0_0_1d96ccb57c61d14c1a5ff3682a98d74d.jpg

1920

1920

true

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

жәлар рдоуҳа

жәлар рдоуҳа

"Ахыбқәа ирықәырҵоз, хәшәыс рхы иадырхәоз": аҭырас иазкны дыррақәак

Анапаҵаҩра

Сусана Тания - Sputnik Аҧсны

Сусанна Ҭаниаԥҳа

Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ

Аҭырас иазкну дыррақәак шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Аԥсны инхо, хәыҷи-дуи аҭырас зымбац аӡәгьы даҟам. Иазҳауеит адәқәа, абна, абна аҿықәқәа рҿы. Иҿиоит абыбыцқәа рыла еиԥш анышә иҵоу адацырша алагьы. Аӡын анышә иҵыҳәҳәо аҭырас хҩаауеит, ааԥын аҿыц ахылҿиаауеит.

Аҭырасқәа ашықәс рацәаӡа зхыҵуа, анкьа аҵлеиԥш идуӡӡаз, уажәыгь аԥхарра тәылақәа рҿы акы-ҩба хкы аҵлақәа реиԥш изызҳауа, аха уеизгьы аҳаскьынқәа иреиуоу ҵиаақәоуп.

Ԥаса аҭырас былны иалҵуа ахәа асапынҟаҵареи асаркьаҟаҵареи рҿы хархәара аман. Азиа тәылақәа рҿы аҭырас аҟатара фатәыс рхы иадырхәоит, адацырша ҟәаҟәаны ахәшә алырхуеит.

Ажәытәан, ҳзышьцылахьоу аҩнқәа аныҟамыз аҭырас ахыбқәа ирықәырҵон. Аҭырас зқәырҵоз ахыбрақәа хаҳәҵәаҳәла еибаркны, иласкьаганы быцала ишышны, ӡарҵәила еидҿаҳәаланы иҟарҵон. Азгәаҭа: аӡарҵәи (иаанагоит "арасамахә аӡа").

Продажа крапивы на рынке выходного дня в Цхинвале - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2026

28 Хәажәкыра, 09:00

Аҭырас азы ирҳәоит "адгьыл афоит" ҳәа. Амифтә фырхаҵа Абрскьыл адгьыл аҭырас иамҽханамкырц азы агаҿа дцаны адац ыҵахҵәаны ирҩон.

Аҵан — аԥсуа мифологиа аперсонаж хадақәа ируаку, Аԥсны адгьылҵакыраҿы раԥхьаӡа ианылаз уаақәаны ирыԥхьаӡоит. Дара уаа ссақәан, "ашьац илыҳәҳәомызт". Ирҳәоит аҭырас иқәланы икарҿон ҳәа, аха амчи алшеи рыман.

Иҟоуп аԥсуа жәлар разгәаҭара — аҭырас аҟата иахылҿиаауа, аԥхьа ианубо ихҵәаны уацҳар, уманшәалахоит ҳәа.

Аҭырас иахылҵуа афҩы амикробқәа ашьуеит. Уимоу, аҵиаа анҩоугьы амҵқәеи егьырҭ ахәаҷамаҷақәеи ааигәара инеиӡом. Арас ахьыҟоу афатә ԥакәиӡом, ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи бааӡом. Убри азоуп аԥсуаа ашәыр анырҵәахуаз, арас аҵаҵаны изынрыжьуа.

Аԥсны аҭырас рхы иадырхәоит, иара убас ацитрус ҵиаақәа аӡын рҭаҳәҳәаразы.

Аҭырас адацқәа рхы иадырхәон ацәамахәшә аҟаҵараҿы. Убас егьырҭ аҵиаақәа ирылаҵаны аԥсҳәысҭра ахәышәтәразы ахьшьтәы алырхуан.

Аблы — асаби раԥхьатәи ичымазарақәа ируакуп. Уи ахәшәтәразы хәылбыҽхан аҭырас адацқәа хԥа аҵәыцак аӡы хьшәашәа аҵаҭәаны иаанрыжьуан. Ашьыжьымҭан асаби чаимҳаҵәк аазна идыржәуан. Абас мышк ахь хынтә иҟарҵон.

Ажәытәан абаҩ хьаа иаргәамҵуаз изы иҟарҵон агәабан аҭырас ҿала ирҭәны изыҟарҵон. Ачымазаҩ убри аҩыза агәабан дықәиалар, ихьаақәа еиқәнартәоит ҳәа агәаанагара рыман.

Одуванчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2026

29 Ԥхынгәы, 08:30

Арҿиаҩы Анатоли Аџьынџьал иҩымҭақәа реизга "Иалкаау" иагәылалеит "Шьаруан иқьаса" захьӡу алафк. Уи алагоит абас:

"Шьаруан дбеиан. Аԥара рацәаны иман, аԥсахра ҳәа есқьынгьы ауаа ддыргәамҵуан. Ҽнак иԥарақәа иҵәахырц иӡбеит. Ашәындыҟәра иааҭиган, ақьаса инҭаҵаны ибораҿ икыдгылаз арыԥхь аԥышҵа инахаирԥан, аҭырас хыбра иналаиҵеит. Даагьежьит, аҳыҳ, уажәшьҭа зегьы шәҭынчха иҳәан.

Дук мырҵыкәа ӷьычк арыԥхь данааха, ақьаса наимҵаҳаит. Ахьышәҭҳәа аԥарақәа иџьыба инҭеиҵан, ақьаса уацла ирҭәны арыԥхь инхишьын, дныҵашәкәа дцеит.

Иԥарақәа ибарц Шьаруан днеизар, абар алакә! Иқьаса аҽуац ҭоуп. Инарҳәы-аарҳәуа икын ҳамҭакы, ашьҭахь, ҿааиҭит: "Аԥарақәа аӷьыч игеит усгьы, аха исзеилымкаауа – абри аҽы ақьаса иабаҭанагалеи, уҳәарауазеи?".

Азгәаҭа: ақьаса (даҽакала "аԥараҭра").

Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика" .

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1"Хатәы ҩны, хатәы мца": аҩны азырбо ажәаԥҟақәа рыхҳәаа08.5221-09-2026
2"Ишыдыдуа еиԥш қәа ауам": ақәа азырбо жәлар разгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи08.0423-09-2026
3"Сықәра аҵанакуеит" ҳәа еибашьра дцеит: аибашьҩы Асҭамыр Арсҭаа изкны010.8904-10-2026
4Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларатә усура назыгӡоз анардадаратә еиҿкаара аҳамҭақәа ранаршьеит08.0405-10-2026
5"Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны010.5803-10-2026
6Кьычԥҳа еиҭалҳәеит АЗХ аҟны имҩаԥысран иҟоу аиԥылара атәы 010.6324-09-2026
7Мықәԥҳа еиҭалҳәеит афестиваль "Аҳҭнықалақьқәа хԥа" шеиҿкаахо атәы07.7908-10-2026
8Гәдалиеи Аџьбеи еиҭарҳәеит ҳаамҭаз арҵаҩы иҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ртәы08.0405-10-2026
9"Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа013.5728-09-2026
10"Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых011.1901-10-2026

Классификация: Наука. Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 8.26. Источник: sputnik-abkhazia.info.