Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны

Дата публикации: 20-06-2026 06:00:00

Ицаҳәцаҳәуа аԥсуа џьыка злархуа аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20260620/aaei-akhnygei-nas-aykei-aykakhrazy-imanshalou-aaei-akhnygei-iryzkny-1063696146.html

Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны

Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны

Sputnik Аҧсны

Ицаҳәцаҳәуа аԥсуа џьыка злархуа аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна... 20.06.2026, Sputnik Аҧсны

2026-06-20T09:00+0300

2026-06-20T09:00+0300

2026-06-20T09:00+0300

аԥсны

аԥсны

жәлар рдоуҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/14/1043708598_0:85:1618:995_1920x0_80_0_0_e0185c31b37be69e34802c0bc6d7b17b.jpg

Угәы зырхаауа аԥсуа милаҭтә фатәқәа: аҟәыдыршьшьы, аҟәыдеилыршәшәа, ачаԥа, абҳәаса сыӡбал, арашых, акәты еилыршәшәа уҳәа зегьы еидызкыло – урҭ аныҟарҵо ирыларҵо апарпылца иалху, аԥсуаа инарҭбааны рхы иадырхәо апырпыл џьыка ауп. "Лпарпыл џьыка, лхәыл, лџыш, лџьымшьы – дарбаныз иамеилаҳарыз, ргьама зымбацыз! Дкәалкәало зегьы дрышьҭан, ацәгьеи-абзиеи лыҽрыглырхомызт. Лышҭа-хкаара ибзарыбзаруа кәытгәарҭак лызҭан…" - абас ажәала аԥсуа ԥхәыс лсахьа ҭихуеит арҿиаҩы Сергеи Кәыҵниа ироман "Набжьоутәи ахҭысқәа" рҿы. Жәаҳәарада, акыр шықәсақәа раԥхьа аԥҳәыс лыкҿаҩра аиҿкаара, афатә аҟаҵара лцәыуадаҩхон ахаҳәтә маҭәарқәа – аҳаҟьеи аԥхныгеи лымамызҭгьы. Аџьабаа закәу здыруаз аԥсуа ҳәсақәа рнапқәа аҳаҟьа ҟьаҟьа инықәырхәмаруа, ԥхныгала апырпылца рҟәыцуа, архаагақәа налаԥсо амцеиԥш еилҟьоу апырпыл џьыка рхуан. Ҳаамҭазы аҳаҟьеи аԥхныгеи зыԥсахыз афымца хыгақәа аларҵәара ӷәӷәа шрымоугьы, иҟоуп аҳәсақәа жәытәла аџьыка зхуа, ус еиҳа агьама еиӷьуп ҳәа азгәаҭаны. АритуалқәаАԥсуаа жәытәла имҩаԥыргоз аритуалқәа рҿы инарылукаартә иҟоуп ҷыдала аԥсабаратә цәырҵрақәа рырҭынчра, рҭышәныртәалара иазку. Иаагозар, аԥшасра ианалага, шьҭа иханарҟьацәоума уҳәо ианыҟало арҭынчразы имҩаԥыргоз аритуал иахьӡын "аԥшаҿаҳәара". Иҟан аԥхныга ала аԥша анҿарҳәоз. "Аҩны аԥшәма ԥхәыс лоуп иҟазҵо. Аԥхныга аашьҭыхны "абри ашәа ухьанҭахааит!" ҳәа хынтә илҳәоит, нас ахәшҭаара ааигәара џьара ишьҭалҵоит".(Ахыҵхырҭа: Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали".) Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Мчыбжьык ахьтә ҩымш "ишьатәу" мышқәаны иалырхуеит. "Афольклорист Цира Габниаԥҳа ланҵамҭақәа рҿы илыҩуеит Џьгьарда ақыҭан инхо Багаԥшьаа мышшьарас ирымоу сабшоуп. Асабша аҽны аҳаҟьа акгьы ықәҵаны ирхӡомызт, аԥстәы, аԥсаатә ахәда хырҵәаӡомызт" ҳәа. Жәлар рҳәамҭакҲмилаҭ рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа беиаӡоуп. Уаныргәылаԥшлак, узыхцәажәар иуҭаху иарбан темазаалак иашьашәалоу ҳәамҭак "ахы унамырдырыр" залшом. "Иԥшаауа еснагь ииҭаху иԥшаауеит" рымҳәои. "Аҳаҟьа, аԥхныга, аӡаӡ, аҳәынаԥ, ахәарҭа - ҳәа хәҩык аишьцәа ыҟазаарын. Арҭ ахәҩыкгьы еисит. Игәаан, хаз-хазы итәеит. – Уара еиҳа улшоит, аӡаӡ, ашьапымаҭәа хар иуӡахуеит. Ахәарҭа, уара ашә ҟарҵар иуҭарҵоит, аҳаҟьа уаргьы умаҭәахәуп, сара соуп акгьы злымшо, есымша сышдыркәаталеиуаз, сыршьит, – аҳәеит аԥхныга. – Ҳаи, уара саргьы егьсылшом, иҟасҵарызеи? – аҳәеит аҳәынаԥ. Ажәеи ажәеи еихҳәаауа - досу ирылшо ԥыршәарц рыӡбеит. Аԥхныга неины ашәхымс иқәлеит, аӡаӡ аҟәардә иалалеит, аҳаҟьа ахәыблы иқәлеит, аҳәынаԥ ахәшҭаара иҽҳәалеит, ахәарҭа акәзар аҭуан ихалеит. Ауаҩы дааит, иҿиҭит, иҿиҭит, аха аӡәгьы ддәылҵуам. Аҩны данааҩнала, ашәхымс аҿы аԥхныга дахҟьашеит, аҟәардә даннықәтәа, ишьҭахь аӡаӡ алалеит. Ҳаи, ҳәа данҩаҵҟьа, ахәыблы ихы лаҵасын, аԥхныга алыҩрит, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ахәшҭаарахьы даныҩеиха, аҳәынаԥ иҿаԥалеит. Аҩны ддәылҵырц даналага, ахәарҭа алыбган ихы иҭаԥеит".(Ахыҵхырҭа:"Аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәак". Аҟәа – 2004.) Абасала, аицлабра ҵызгаз амаҭәарқәа ауаҩы аарла иԥсы рцәигеит.

https://sputnik-abkhazia.info/20161207/atcahutcaho-apsua-akhusha-1020020664.html

https://sputnik-abkhazia.info/20231008/agyblaa-akhnyga-alagan-nas-akasy-izhytu-ashaaara-aabz-iazkny-1048520143.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

2026

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/14/1043708598_89:0:1529:1080_1920x0_80_0_0_eb3cb5761c5711764e4d1be3e87484b5.jpg

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

аԥсны, жәлар рдоуҳа

Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны

Сусана Тания - Sputnik Аҧсны

Сусанна Ҭаниаԥҳа

Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ

Ицаҳәцаҳәуа аԥсуа џьыка злархуа аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Угәы зырхаауа аԥсуа милаҭтә фатәқәа: аҟәыдыршьшьы, аҟәыдеилыршәшәа, ачаԥа, абҳәаса сыӡбал, арашых, акәты еилыршәшәа уҳәа зегьы еидызкыло – урҭ аныҟарҵо ирыларҵо апарпылца иалху, аԥсуаа инарҭбааны рхы иадырхәо апырпыл џьыка ауп.

"Лпарпыл џьыка, лхәыл, лџыш, лџьымшьы – дарбаныз иамеилаҳарыз, ргьама зымбацыз! Дкәалкәало зегьы дрышьҭан, ацәгьеи-абзиеи лыҽрыглырхомызт. Лышҭа-хкаара ибзарыбзаруа кәытгәарҭак лызҭан…" - абас ажәала аԥсуа ԥхәыс лсахьа ҭихуеит арҿиаҩы Сергеи Кәыҵниа ироман "Набжьоутәи ахҭысқәа" рҿы.

Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2016

Жәаҳәарада, акыр шықәсақәа раԥхьа аԥҳәыс лыкҿаҩра аиҿкаара, афатә аҟаҵара лцәыуадаҩхон ахаҳәтә маҭәарқәа – аҳаҟьеи аԥхныгеи лымамызҭгьы. Аџьабаа закәу здыруаз аԥсуа ҳәсақәа рнапқәа аҳаҟьа ҟьаҟьа инықәырхәмаруа, ԥхныгала апырпылца рҟәыцуа, архаагақәа налаԥсо амцеиԥш еилҟьоу апырпыл џьыка рхуан.

Ҳаамҭазы аҳаҟьеи аԥхныгеи зыԥсахыз афымца хыгақәа аларҵәара ӷәӷәа шрымоугьы, иҟоуп аҳәсақәа жәытәла аџьыка зхуа, ус еиҳа агьама еиӷьуп ҳәа азгәаҭаны.

Аритуалқәа

Аԥсуаа жәытәла имҩаԥыргоз аритуалқәа рҿы инарылукаартә иҟоуп ҷыдала аԥсабаратә цәырҵрақәа рырҭынчра, рҭышәныртәалара иазку. Иаагозар, аԥшасра ианалага, шьҭа иханарҟьацәоума уҳәо ианыҟало арҭынчразы имҩаԥыргоз аритуал иахьӡын "аԥшаҿаҳәара".

Иҟан аԥхныга ала аԥша анҿарҳәоз. "Аҩны аԥшәма ԥхәыс лоуп иҟазҵо. Аԥхныга аашьҭыхны "абри ашәа ухьанҭахааит!" ҳәа хынтә илҳәоит, нас ахәшҭаара ааигәара џьара ишьҭалҵоит".(Ахыҵхырҭа: Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали".)

Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Мчыбжьык ахьтә ҩымш "ишьатәу" мышқәаны иалырхуеит. "Афольклорист Цира Габниаԥҳа ланҵамҭақәа рҿы илыҩуеит Џьгьарда ақыҭан инхо Багаԥшьаа мышшьарас ирымоу сабшоуп. Асабша аҽны аҳаҟьа акгьы ықәҵаны ирхӡомызт, аԥстәы, аԥсаатә ахәда хырҵәаӡомызт" ҳәа.

Дорога, затопленная во время прохождения урагана Дориан во Фрипорте, Багамы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2023

Жәлар рҳәамҭак

Ҳмилаҭ рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа беиаӡоуп. Уаныргәылаԥшлак, узыхцәажәар иуҭаху иарбан темазаалак иашьашәалоу ҳәамҭак "ахы унамырдырыр" залшом. "Иԥшаауа еснагь ииҭаху иԥшаауеит" рымҳәои.

"Аҳаҟьа, аԥхныга, аӡаӡ, аҳәынаԥ, ахәарҭа - ҳәа хәҩык аишьцәа ыҟазаарын. Арҭ ахәҩыкгьы еисит. Игәаан, хаз-хазы итәеит.

– Уара еиҳа улшоит, аӡаӡ, ашьапымаҭәа хар иуӡахуеит. Ахәарҭа, уара ашә ҟарҵар иуҭарҵоит, аҳаҟьа уаргьы умаҭәахәуп, сара соуп акгьы злымшо, есымша сышдыркәаталеиуаз, сыршьит, – аҳәеит аԥхныга.

– Ҳаи, уара саргьы егьсылшом, иҟасҵарызеи? – аҳәеит аҳәынаԥ.

Ажәеи ажәеи еихҳәаауа - досу ирылшо ԥыршәарц рыӡбеит.

Аԥхныга неины ашәхымс иқәлеит, аӡаӡ аҟәардә иалалеит, аҳаҟьа ахәыблы иқәлеит, аҳәынаԥ ахәшҭаара иҽҳәалеит, ахәарҭа акәзар аҭуан ихалеит.

Ауаҩы дааит, иҿиҭит, иҿиҭит, аха аӡәгьы ддәылҵуам. Аҩны данааҩнала, ашәхымс аҿы аԥхныга дахҟьашеит, аҟәардә даннықәтәа, ишьҭахь аӡаӡ алалеит. Ҳаи, ҳәа данҩаҵҟьа, ахәыблы ихы лаҵасын, аԥхныга алыҩрит, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ахәшҭаарахьы даныҩеиха, аҳәынаԥ иҿаԥалеит. Аҩны ддәылҵырц даналага, ахәарҭа алыбган ихы иҭаԥеит".(Ахыҵхырҭа:"Аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәак". Аҟәа – 2004.)

Абасала, аицлабра ҵызгаз амаҭәарқәа ауаҩы аарла иԥсы рцәигеит.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1"Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан": акәытқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи ажәлар разгәаҭарақәеи0527-06-2026
2"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны0521-06-2026
3"Агәаҵәа изҭоуп", "игәаҵәа дҭаԥшит": агәаҵәеи ауаҩи реиҿырԥшра0504-07-2026
4"Агаҿа ԥсаатә еилҟьақәа": аҷнышқәеи урҭ ирыхҳәаау азгәаҭарақәеи0525-05-2026
5"Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар": акәац ажәаԥҟақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи рҿы0714-06-2026
6"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи 0524-05-2026
7Ахба далацәажәеит аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭа шымҩаԥысуа атәы0527-06-2026
8Аԥсны ахада акультура аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранеишьеит0523-05-2026
9Қапԥҳаи Кәыҵниаԥҳаи азааҭгылеит аицлабра ахықәки аиааира згаз рпроектқәеи ртәы 0501-06-2026
10Абзиараз, ахәыҷра: аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны0127-05-2026

Классификация: Наука. Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 5. Источник: sputnik-abkhazia.info.