Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

Дата публикации: 24-05-2026 06:00:00

Адунеи зырлашо амра иазку ажәлар разгәаҭарақәа, иара убасгьы аԥхыӡқәа рҿы амра ҵакыс иамоуи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20260524/ashakhaa-uakhmarua-iubazar-amra-iazku-azhlar-razgaaraei-akhyei--1063210796.html

"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

Sputnik Аҧсны

Адунеи зырлашо амра иазку ажәлар разгәаҭарақәа, иара убасгьы аԥхыӡқәа рҿы амра ҵакыс иамоуи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә... 24.05.2026, Sputnik Аҧсны

2026-05-24T09:00+0300

2026-05-24T09:00+0300

2026-05-24T09:00+0300

аԥсны

жәлар рдоуҳа

аԥсны

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102892/75/1028927566_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_a6e078061498b2f47752c2b85ab0c3b8.jpg

Шеишықәсала амра шеишеи адгьыл агәышҵа арԥхоит. Ашәахәацқәа ажәлеиԥш иҟьо аԥсабара арҿыхоит, ауаа ирыхәлаччоит − амш ҿыц аԥылара агәаҳәара рыҭо.Иахмырҟьацәакәа амра ацәылара ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, уи шьақәырӷәӷәоуп медицинала. Ҳмилаҭ иаԥырҵаз жәаԥҟа ҟәыӷак цәажәоит абас: "Амра ицәылаз ахьаа аҳақьым даҭахӡам" ҳәа. Ари ажәаԥҟа ишьақәнарӷәӷәоит - ианаамҭоу амра ицәыло, аџьа збо, зҽазырбылуа, игәабзиарагьы иазеиӷьхоит - зегь рыла аӡын дыӷәӷәаҟацаӡа даԥылоит.Аԥсуа жәаԥҟақәа реилазаараҿы иубоит амра ахаҿсахьа ганрацәала иаазырԥшуагьы: "Амра аԥшандагала иузырхьшәашәом", "Амра уахәаԥшцәар, ашәшьыра узбом", "Амрагьы уара узы игылашәа убалароуп, даҽа шьоукы рзы игылошәа убар – ԥхара унаҭом", "Амрагьы зны-зынла ԥҭа хәыҷык иаҵәахуеит", "Амра аҟынгьы џьара шәытарак ҟалоит" - рҳәоит дара.Амреи ажәлар разгәаҭарақәеиАԥсуаа адәылашара ҳазҭо амра ианакәызаалак пату рзақәын, иҟан аамҭақәа ианынцәахәыртәуаз, лымкаала ианамҵаныҳәоз.Жәҩанахьтә илбааԥхо амра ахымҩаԥгашьала амш зеиԥшрахо аилкаара рҽазыршәон, убри инамаданы ишьақәгылон ажәлар разгәаҭарақәа. Абар урҭ иҳарҳәауа:Амреи аԥхыӡқәеи

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

2026

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102892/75/1028927566_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_863f3ad482b007387294f12e35f2ee43.jpg

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

Сусанна Ҭаниаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg

жәлар рдоуҳа, аԥсны

"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

Сусана Тания - Sputnik Аҧсны

Сусанна Ҭаниаԥҳа

Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ

Адунеи зырлашо амра иазку ажәлар разгәаҭарақәа, иара убасгьы аԥхыӡқәа рҿы амра ҵакыс иамоуи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Шеишықәсала амра шеишеи адгьыл агәышҵа арԥхоит. Ашәахәацқәа ажәлеиԥш иҟьо аԥсабара арҿыхоит, ауаа ирыхәлаччоит − амш ҿыц аԥылара агәаҳәара рыҭо.

Иахмырҟьацәакәа амра ацәылара ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, уи шьақәырӷәӷәоуп медицинала. Ҳмилаҭ иаԥырҵаз жәаԥҟа ҟәыӷак цәажәоит абас: "Амра ицәылаз ахьаа аҳақьым даҭахӡам" ҳәа. Ари ажәаԥҟа ишьақәнарӷәӷәоит - ианаамҭоу амра ицәыло, аџьа збо, зҽазырбылуа, игәабзиарагьы иазеиӷьхоит - зегь рыла аӡын дыӷәӷәаҟацаӡа даԥылоит.

Аԥсуа жәаԥҟақәа реилазаараҿы иубоит амра ахаҿсахьа ганрацәала иаазырԥшуагьы: "Амра аԥшандагала иузырхьшәашәом", "Амра уахәаԥшцәар, ашәшьыра узбом", "Амрагьы уара узы игылашәа убалароуп, даҽа шьоукы рзы игылошәа убар – ԥхара унаҭом", "Амрагьы зны-зынла ԥҭа хәыҷык иаҵәахуеит", "Амра аҟынгьы џьара шәытарак ҟалоит" - рҳәоит дара.

Амреи ажәлар разгәаҭарақәеи

Аԥсуаа адәылашара ҳазҭо амра ианакәызаалак пату рзақәын, иҟан аамҭақәа ианынцәахәыртәуаз, лымкаала ианамҵаныҳәоз.

Жәҩанахьтә илбааԥхо амра ахымҩаԥгашьала амш зеиԥшрахо аилкаара рҽазыршәон, убри инамаданы ишьақәгылон ажәлар разгәаҭарақәа. Абар урҭ иҳарҳәауа:

Амра аӷьцәазар, амшцәгьа иатәуп рҳәоит.

Амрагыларахь шьыжьымҭан ашәаԥшь анхыла, амш цәгьахоит.

Амра аӡааламҭазы ианыҟаԥшьцәахалак – аԥша иазҳәоуп.

Амра аӡааламҭазы аԥсҭҳәа анаҿыкәыршаха – амшцәгьа.

Амра аԥсҭәҳәақәа ианрылаӡ – аԥша.

Амраҭашәарахь ашәаԥшь ыҟазар, ақәа ауӡом лассы.

Амраҭашәара ажәҩан анҵыблаа – ақәа.

Амра ахьадыԥхало ала аԥсаатә рыҭра аныҟарҵа – аԥхынра хьшәашәарахоит.

Амра аӡынра ианкацеицәа – амшцәгьа иазҳәоуп.

Асы мрала ианышьҭыҵ – ааԥынра бзиахоит.

Амра нцәырҟьа-цәырасуа ақәоура ианалага – лассы ихкәоит. Амра "заа" ианымгыла - амра аӷьны, ашоура цәгьа ҟалоит.

Амреи аԥхыӡқәеи

Амра аԥхара уеиԥхыӡыр – узеигәырӷьо насыԥк уаниоит.

Ԥхыӡла амра шыԥхо акәымкәа аӡәы аҳаргь ухаиргылазар – убзиара иашьҭам, згәы цқьам ауаҩы сасра дузаауеит.

Амра ашәахәақәа уҿахәмаруа ԥхыӡла иубазар, агәырӷьареи аманшәалареи иртәуп.

Ԥхыӡла амра амшын инӡаало иубазар, угәы иҵхоз уск уқәманшәалахоит.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1"Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар": акәац ажәаԥҟақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи рҿы0714-06-2026
2"Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан": акәытқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи ажәлар разгәаҭарақәеи0527-06-2026
3Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны0520-06-2026
4"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны0521-06-2026
5"Аџыш уҭиуа ԥхыӡ иубазар, анасыԥ иазҳәоуп": ауҭраҭых ҵиаа аџыш амаӡақәа0528-06-2026
6"Агаҿа ԥсаатә еилҟьақәа": аҷнышқәеи урҭ ирыхҳәаау азгәаҭарақәеи0525-05-2026
7Ашәба дазааҭгылеит аҵарауаҩ Баџьгәыр Саӷариа иҭҵаарадырратә ҭынха амҽхак0526-05-2026
8Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит Уралтәи адемографиатә форум шымҩаԥысыз0513-06-2026
9Ахба далацәажәеит аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭа шымҩаԥысуа атәы0527-06-2026
10Ажәытәра амаӡақәа аарԥшуа: Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа археологиатә ԥшаарақәа0507-06-2026

Классификация: Наука. Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 5. Источник: sputnik-abkhazia.info.