Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Адрама ашьаҭа зкыз – Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 шықәса ҵит

Дата публикации: 18-06-2026 07:00:00

Аԥсҭазаара зны-зынла иаанарԥшуеит ақәра ду зқәашьымхаз, аха ажәлар ркультуреи рдоуҳаи рзы алшамҭа дуқәа аазрыԥшыз ауаа шмаҷҩым. Абас изуҳәар ауеит 140 шықәса раԥхьа ииз Самсон Ҷанба.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20260618/adrama-ashaa-zkyz--samson-anba-diizhei-140-shysa-it-1063750222.html

Адрама ашьаҭа зкыз – Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 шықәса ҵит

Адрама ашьаҭа зкыз – Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 шықәса ҵит

Sputnik Аҧсны

Аԥсҭазаара зны-зынла иаанарԥшуеит ақәра ду зқәашьымхаз, аха ажәлар ркультуреи рдоуҳаи рзы алшамҭа дуқәа аазрыԥшыз ауаа шмаҷҩым. Абас изуҳәар ауеит 140 шықәса... 18.06.2026, Sputnik Аҧсны

2026-06-18T10:00+0300

2026-06-18T10:00+0300

2026-06-18T15:00+0300

аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

акультура

аԥсны

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/17/1032683282_0:491:1454:1309_1920x0_80_0_0_4032e0912c7d86655542df05bb080fa5.jpg

Инысымҩа уназхәыцыр, иааџьоушьоит 51 шықәса рыда зызнымҵыз ауаҩы илшаӡаз. Ашәҟәыҩҩы, адраматург, апоет, апублицист, арккаҩы, аполитик, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы – абарҭ зегьы дрызкын Аԥсуа драматә театр зыхьӡ аху, 37-тәи ашықәсқәа раан харада иҭадырхаз Самсон Ҷанба. Иахьатәи санҵамҭаҿы еиҳарак сазааҭгыларц сҭахуп, зегь реиҳа иуадаҩу ажанр – аԥсуа драматургиаҿы С. Ҷанба илшарақәа зеиԥшраз. Ҷанба дыԥхьаӡоуп аԥсуа драматуригиа ашьаҭаркҩы ҳәа. Дырмит Гәлиа иусқәа рҿы ивагылаз, уи дызҵаланы инеигоз аидара ицеиҩызшоз иакәын Ҷанба. Сара салагом уи инысымҩа аиҭаҳәара, аха алитература иаҿыз иаҳасабала, ажанрқәа зегьы рҿы ихы шԥишәаз иҭынха иаҳнарбоит. Ҷанба ирҿиараҿы апиесақәа реиԥш иҟоуп апрозатә, алирикатә хырхарҭақәагьы. "Ашәҭ ҟаԥшь зҿоу аҵла", "Адәыӷба № 6", "Сабду ихәшҭаара ахаҳә", "Сеидыҟ" уҳәа еиуиеԥшым атеамақәа ахьаарԥшу апрозатә сахьаркыра ҳлитература аҭоурых иазынижьит. Ҷанба иара убас, аромантикеи асимволикеи ирхаҿырбагоу апоема "Ашьха ҭыԥҳа" иҩит. Автор ашьха ҭыԥҳа иадикыло иԥсадгьыл ауп. Апоема ахьӡ аҵаҟа иаҵаҩуп "Аԥсны" ҳәа:Аԥсынтәыла ишьхаԥшӡахаАмшын еиқәа аҿыкәыршоуп,Уи зтәылоу Аԥсны ԥшӡа,Кавказ шла аԥҳа лоуп.Узыршанхаша хәы-ԥшӡак аҿыДықәгылоуп лара лхаҭаДбырлашха, дымсырқьаадышха,Дыссирха, деихышәшәа!Апоезиаҿы Ҷанба ирҵаҩы Гәлиа иеиԥш иара ианиааз иҿиоз аколнхара амаҵ азызуаз анхаҩцәа иашәақәа рзикуан:_ Ҳаит, амарџьа, афырхацәа,Ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын!Ишәҟьа ӷәӷәала шәнырхаг-ҽага,Ишәҳәа аӷьеҩҳәа колхоз ашәа!Ҷах-сах, уах-сах!Ҷах-сах, уах-сах!Абарҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Ҷанба усҟан иааиз асистема ҿыц агәра шигоз, итәыла хәыҷы аҿиара арцыхцыхуеит ҳәа дышхәыцуаз.Ҷыдала ашәҟәҩҩы ибызшәа ацқьара ҳазхьаԥшуазар, асахьаркыратә ажәа ашьақәгыламҭазы дышцәырҵызгьы, алитературатә бызшәа акыр иҽазааигәатәны дыҩуан. Иҳәоуқәа наӡааӡаны, дзыхцәажәоз ахҭыс сахьаркны аԥхьаҩцәа ирыдигалон. "Сабду ихәшҭаара ахаҳә" аҿы ҳаԥхьоит бызшәа ссирла иҩу атекст, иахьатәи асахьаркыратә литературатә бызшәа акала иаҵахо иҟамкәа: "Абгахәыҷқәа, ҽынла зыҽӡаны иҟаз, алашьцара анроу, акыу-сыуҳәа иеибарҳәҳәо, аккара ааҵдырцәажәеит, алақәа ахыуҳәа иааилалеит. Акәытқәа ахьықәтәаз рцәа иааҭаӡыӡеит…".Самсон Ҷанба ԥсабарала адыррақәа рышьҭкаара ҟыбаҩ ҷыданы излаз иакәын ́ҳҳәар ауеит, уи инысымҩа ахҳәаа аҳҭар. Драндатәи ауахәаматә, Аҟәатәи Ашьхаруаа ршколқәа, анаҩсан, Хонтәи арҵаҩратә семинариа уҳәа данмаҷӡаз инаркны аҵара амҩа данын, даныҩеидас арккара аус шиԥеиԥшхаша идыруазшәа.1921-1025 ш.ш. С. Ҷанба дахагылан Аԥсны аҵара ус азы Жәлар Ркомиссариат (Наркомпрос), иара убас арҵага шәҟәқәа реиқәыршәагьы акыр аус азиуит.Уажәшьҭа сазыхынҳәырц сҭахуп адраматургиа ашьаҭа зкыз Ҷанба илшара. Ишаҳдыруа еиԥш, раԥхьаӡатәи аԥсуа театртә культуара аиҭагара аус алоуп ишалагаз. Атеатрдырҩцәа ишырҳәахьо еиԥш, Д. Гәлиа иҵаҩцәеи иареи Нестор Лакәаба идҵала еиҿыркааз еиҭаҵуа атеатр Аԥсны ахи аҵыхәеи иахысны ажәлар иддырбон аспектакльқәа, аха амилаҭтә театр иаҭахын амилаҭтә драматургиа. Ари ажанр зԥан мариам хырхарҭоуп, аха Гәлиа иҵаҩы уи иҽазишәан ақәҿиарагьы иоуит. "Адрама "Амҳаџьыр" ала ашьапы акит аԥсуа милаҭтә драматургиа. Уи кьыԥхьын агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҿы 1920 шықәсазы, иара уи ашықәсазы хаз шәҟәынгьы иҭыҵит. "Автор идрамаҿы дзыхцәажәо ахҭысқәа, аԥсуа жәлар ааскьатәи рҭоурых аҿы еиҳа мыцхәы ихьамҭоу трагедиоуп", - ҳаԥхьоит аҵарауаа Владимир Дарсалиеи Шоҭа Салаҟаиеи 1976 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәыҩҩы Ҷанба иҩымҭақәа реизгаҿы ианырҵаз аԥхьажәаҿы.Автор араҟа иааирԥшуеит амҳаџьырра иацыз аобиективтә, асубиективтә цәаҩақәа. "Ажәлар реиҳараҩык рҽааҩшаны, рҭыӡҭыԥқәа, рырахә-рышәахә, рабацәа рыбаҩ змадоу рнышәынҭрақәа уаҳа инарызхьамԥшуа, рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны уаҳа аблабара рмоуа, ԥсра-ӡра амшын рхылара – ари еиҳау ахьаа иарбану жәлар ироураны иҟаз", - ҳаԥхьоит анаҩс аҵарауаа рыхҳәаа.Адрама анҩызи урҭ атрагедиатә хҭысқәеи рацәакгьы рыбжьамызт, хымԥада автор ажәлар рҟынтәи иаҳахьаз аҭоурыхқәагьы ирҿиараҿы ахархәара риҭон. Д. Гәлиа адрама ацәырҵра ахәшьара ҳаракы аиҭеит усҟан агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҿы. "Уи иаԥсыуоу изы игәыҭгагоуп. Амҳаџьырра шыҟалаз, амҳаџьырцәа рхы зыхдырҟьаз, ирахцашьахаз, ргәаҟрақәа, ргәеибарӷәӷәашьа – зегьы асахьеиԥш иунарбоит", - иҳәон жәлар рпоет Гәлиа.Апиеса аԥсуа сценаҿы ицәырҵит ҳәа ишьоуп 1928 шықәсазы. Ҷанба насыԥс иман атеатр аҿы ирҿиамҭа иалхыз ақәыргыламҭа абара. Адрама ҭызҵаауаз В. Дарсалиа ианҵамҭақәа рҿы иҟоуп раԥхьатәи аԥсуа драма асценаҿы ацәырҵра ргәы хыҭхыҭуа ишазыԥшыз ҳаилзыркаауа. "Автор дтәан аиҳабыра рложа аҿы. Азал аҿы итәаз, уажәы-уажәы иара иганахь инаԥшуан. Дара зегьы Ҷанба дырдыруан, аха аспектакль иахьахәаԥшуаз абас аиаша иазааигәаз адрама зҩыз автор иблаҭаԥшра ргәанарԥхон", — иҩуан Дарсалиа.Абасала ахаша, рашәарамза 27 1928 шықәсазы иаатуеит аԥсуа драматә сектор ҳтеатр ахыбраҿы. Асцена аҟынтә иуаҳауан амҳаџьырра аӡыбылра иҭанагалаз, иаргәаҭеиуаз, ахақәиҭраз ақәԥараҿы иԥхьагылаз афырхаҵа Баҭал ибжьы: "Шьоукы атәра аҵкыс рҳәан, атәым дгьыл ахь еихеит. Даҽа џьоукы ирблыз рқьаԥҭажәқәа ирхылан, агәаҟра иаҵагылоуп. Иаанхаз абна илалт, ашьха рҽарҭеит…" Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арепертуар аҿы иахьагьы брендк аҳсабала иҟоуп адрама "Амҳаџьыр". Уи 86-тәи асезон алагамҭазы иқәиргылеит арежиссиор Алхас Шамба. Ақәыргылаҩ иҟаиҵаз ахҳәаақәа рҿы иаҳбоит ари "аспектакль гәҽанҵарак иаҩызоуп" ҳәа. Акырынтә ари аспектакль иахәаԥшхьоу лаҳасабала исҳәарц сылшоит, ахәаԥшцәа иахьагьы азҿлымҳара шарҭо. Аԥсны инхо реиԥш, ҳтәыла збарц зҭаху атуристцәагьы уи хшыҩзышьҭра арҭоит, атеатр асоциалтә даҟьаҿы изныкымкәа ргәаанагарақәа рҳәахьеит "шәҭоурых ҳаршанхеит" ҳәа. Иара убас, ари адрама 2017 шықәсазы идырбан Ҭырқәтәыла ҳара ҳџьынџьуаа раӷьырак ахьынхоз, уаҟагьы ахәаԥшцәа лаӷырӡышон ҳҭоурых хьанҭа иадҳәалаз ақәыргыламҭа ианахәаԥшуаз. С. Ҷанба ҳлитература иазынижьит акымкәа адрамақәеи акомедиақәеи: "Аԥсны Ҳаным", "Иҳаҩсхьоу амшқәа рахьтә акы", "Зқьи акы маана", "Кьараз" уҳәа иахьатәи аамҭа иашьашәаланы асценатә ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоу арҿиамҭақәа. Иҟалоит иара убас, ииасыз ашәышықәсазы ишыҟарҵоз еиԥш, Ҷанба ипроза иалхны аинсценировкақәа ахәаԥшцәа рахь ицәыругаргьы. 1936 шықәсазы "Сеидыҟ" аԥсуа сценаҿы ицәырҵит (ареж. И. Жданов. Сеидыҟ ироль наигӡон Леуарса Касланӡиа). Иахьатәи атеатртә ҟазара алшарақәа акыр иҭбаахеит, арежиссиорцәа ирхәыцуеит еиуеиԥшым астиль ҿыцқәа, убри аҟынтә аԥсуа театртә культураҿы аԥеиԥш аманы иаанхо џьысшьоит Ҷанба ирҿиара.Самсон Ҷанба инысымҩа акырӡа иҭбаауп, иҟалап иаҭахызар иҿыцу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Аҵыхәтәаны иҩымҭақәа реизга ҭыҵит 1986 шықәсазы. Аҵарауаҩ Хәыхәыт Бӷажәба уи аизгаҿы Ҷанба изы абас иҳәоит: R.S: Самсон Ҷанба диит 1886 шықәса рашәарамза 18 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы. 1967 шықәсазы С. Ҷанба ихьӡ ахҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр. Сынтәа иара диижьҭеи 140 шықәса ҵит.Автори аредакциеи ргәаанагәарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

https://sputnik-abkhazia.info/20210703/Samson-anba-azhlar-rykhshy-ay-1032681794.html

https://sputnik-abkhazia.info/20210618/Asny-eitsyrdyrua-akhya-rakhati-asua-dramaturg-Samson-anba-iourykh-iazkny---1032649367.html

https://sputnik-abkhazia.info/20190618/Samson-Chanba-apsua-dramei-aprofessionalt-teatri-ryshatarky-1027662974.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

2026

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/17/1032683282_0:355:1454:1446_1920x0_80_0_0_3a7577784475b77160baa4ef68a3c847.jpg

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, акультура, аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, акультура, аԥсны

10:00 18.06.2026 (ирҿыцуп: 15:00 18.06.2026)

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны

Аԥсҭазаара зны-зынла иаанарԥшуеит ақәра ду зқәашьымхаз, аха ажәлар ркультуреи рдоуҳаи рзы алшамҭа дуқәа аазрыԥшыз ауаа шмаҷҩым. Абас изуҳәар ауеит 140 шықәса раԥхьа ииз Самсон Ҷанба.

Инысымҩа уназхәыцыр, иааџьоушьоит 51 шықәса рыда зызнымҵыз ауаҩы илшаӡаз. Ашәҟәыҩҩы, адраматург, апоет, апублицист, арккаҩы, аполитик, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы – абарҭ зегьы дрызкын Аԥсуа драматә театр зыхьӡ аху, 37-тәи ашықәсқәа раан харада иҭадырхаз Самсон Ҷанба.

Иахьатәи санҵамҭаҿы еиҳарак сазааҭгыларц сҭахуп, зегь реиҳа иуадаҩу ажанр – аԥсуа драматургиаҿы С. Ҷанба илшарақәа зеиԥшраз. Ҷанба дыԥхьаӡоуп аԥсуа драматуригиа ашьаҭаркҩы ҳәа. Дырмит Гәлиа иусқәа рҿы ивагылаз, уи дызҵаланы инеигоз аидара ицеиҩызшоз иакәын Ҷанба. Сара салагом уи инысымҩа аиҭаҳәара, аха алитература иаҿыз иаҳасабала, ажанрқәа зегьы рҿы ихы шԥишәаз иҭынха иаҳнарбоит. Ҷанба ирҿиараҿы апиесақәа реиԥш иҟоуп апрозатә, алирикатә хырхарҭақәагьы. "Ашәҭ ҟаԥшь зҿоу аҵла", "Адәыӷба № 6", "Сабду ихәшҭаара ахаҳә", "Сеидыҟ" уҳәа еиуиеԥшым атеамақәа ахьаарԥшу апрозатә сахьаркыра ҳлитература аҭоурых иазынижьит. Ҷанба иара убас, аромантикеи асимволикеи ирхаҿырбагоу апоема "Ашьха ҭыԥҳа" иҩит. Автор ашьха ҭыԥҳа иадикыло иԥсадгьыл ауп. Апоема ахьӡ аҵаҟа иаҵаҩуп "Аԥсны" ҳәа:

Аԥсынтәыла ишьхаԥшӡаха
Амшын еиқәа аҿыкәыршоуп,
Уи зтәылоу Аԥсны ԥшӡа,
Кавказ шла аԥҳа лоуп.

Узыршанхаша хәы-ԥшӡак аҿы
Дықәгылоуп лара лхаҭа
Дбырлашха, дымсырқьаадышха,
Дыссирха, деихышәшәа!

Апоезиаҿы Ҷанба ирҵаҩы Гәлиа иеиԥш иара ианиааз иҿиоз аколнхара амаҵ азызуаз анхаҩцәа иашәақәа рзикуан:

_ Ҳаит, амарџьа, афырхацәа,
Ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын!
Ишәҟьа ӷәӷәала шәнырхаг-ҽага,
Ишәҳәа аӷьеҩҳәа колхоз ашәа!
Ҷах-сах, уах-сах!
Ҷах-сах, уах-сах!

Абарҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Ҷанба усҟан иааиз асистема ҿыц агәра шигоз, итәыла хәыҷы аҿиара арцыхцыхуеит ҳәа дышхәыцуаз.

Самсон Чанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021

Ҷыдала ашәҟәҩҩы ибызшәа ацқьара ҳазхьаԥшуазар, асахьаркыратә ажәа ашьақәгыламҭазы дышцәырҵызгьы, алитературатә бызшәа акыр иҽазааигәатәны дыҩуан. Иҳәоуқәа наӡааӡаны, дзыхцәажәоз ахҭыс сахьаркны аԥхьаҩцәа ирыдигалон.

"Сабду ихәшҭаара ахаҳә" аҿы ҳаԥхьоит бызшәа ссирла иҩу атекст, иахьатәи асахьаркыратә литературатә бызшәа акала иаҵахо иҟамкәа:

"Абгахәыҷқәа, ҽынла зыҽӡаны иҟаз, алашьцара анроу, акыу-сыуҳәа иеибарҳәҳәо, аккара ааҵдырцәажәеит, алақәа ахыуҳәа иааилалеит. Акәытқәа ахьықәтәаз рцәа иааҭаӡыӡеит…".

Самсон Ҷанба ԥсабарала адыррақәа рышьҭкаара ҟыбаҩ ҷыданы излаз иакәын ́ҳҳәар ауеит, уи инысымҩа ахҳәаа аҳҭар.

Драндатәи ауахәаматә, Аҟәатәи Ашьхаруаа ршколқәа, анаҩсан, Хонтәи арҵаҩратә семинариа уҳәа данмаҷӡаз инаркны аҵара амҩа данын, даныҩеидас арккара аус шиԥеиԥшхаша идыруазшәа.1921-1025 ш.ш. С. Ҷанба дахагылан Аԥсны аҵара ус азы Жәлар Ркомиссариат (Наркомпрос), иара убас арҵага шәҟәқәа реиқәыршәагьы акыр аус азиуит.

Уажәшьҭа сазыхынҳәырц сҭахуп адраматургиа ашьаҭа зкыз Ҷанба илшара. Ишаҳдыруа еиԥш, раԥхьаӡатәи аԥсуа театртә культуара аиҭагара аус алоуп ишалагаз. Атеатрдырҩцәа ишырҳәахьо еиԥш, Д. Гәлиа иҵаҩцәеи иареи Нестор Лакәаба идҵала еиҿыркааз еиҭаҵуа атеатр Аԥсны ахи аҵыхәеи иахысны ажәлар иддырбон аспектакльқәа, аха амилаҭтә театр иаҭахын амилаҭтә драматургиа. Ари ажанр зԥан мариам хырхарҭоуп, аха Гәлиа иҵаҩы уи иҽазишәан ақәҿиарагьы иоуит.

"Адрама "Амҳаџьыр" ала ашьапы акит аԥсуа милаҭтә драматургиа. Уи кьыԥхьын агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҿы 1920 шықәсазы, иара уи ашықәсазы хаз шәҟәынгьы иҭыҵит.

"Автор идрамаҿы дзыхцәажәо ахҭысқәа, аԥсуа жәлар ааскьатәи рҭоурых аҿы еиҳа мыцхәы ихьамҭоу трагедиоуп", - ҳаԥхьоит аҵарауаа Владимир Дарсалиеи Шоҭа Салаҟаиеи 1976 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәыҩҩы Ҷанба иҩымҭақәа реизгаҿы ианырҵаз аԥхьажәаҿы.

Автор араҟа иааирԥшуеит амҳаџьырра иацыз аобиективтә, асубиективтә цәаҩақәа.

"Ажәлар реиҳараҩык рҽааҩшаны, рҭыӡҭыԥқәа, рырахә-рышәахә, рабацәа рыбаҩ змадоу рнышәынҭрақәа уаҳа инарызхьамԥшуа, рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны уаҳа аблабара рмоуа, ԥсра-ӡра амшын рхылара – ари еиҳау ахьаа иарбану жәлар ироураны иҟаз", - ҳаԥхьоит анаҩс аҵарауаа рыхҳәаа.

Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021

Адрама анҩызи урҭ атрагедиатә хҭысқәеи рацәакгьы рыбжьамызт, хымԥада автор ажәлар рҟынтәи иаҳахьаз аҭоурыхқәагьы ирҿиараҿы ахархәара риҭон. Д. Гәлиа адрама ацәырҵра ахәшьара ҳаракы аиҭеит усҟан агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҿы.

"Уи иаԥсыуоу изы игәыҭгагоуп. Амҳаџьырра шыҟалаз, амҳаџьырцәа рхы зыхдырҟьаз, ирахцашьахаз, ргәаҟрақәа, ргәеибарӷәӷәашьа – зегьы асахьеиԥш иунарбоит", - иҳәон жәлар рпоет Гәлиа.

Апиеса аԥсуа сценаҿы ицәырҵит ҳәа ишьоуп 1928 шықәсазы. Ҷанба насыԥс иман атеатр аҿы ирҿиамҭа иалхыз ақәыргыламҭа абара. Адрама ҭызҵаауаз В. Дарсалиа ианҵамҭақәа рҿы иҟоуп раԥхьатәи аԥсуа драма асценаҿы ацәырҵра ргәы хыҭхыҭуа ишазыԥшыз ҳаилзыркаауа.

"Автор дтәан аиҳабыра рложа аҿы. Азал аҿы итәаз, уажәы-уажәы иара иганахь инаԥшуан. Дара зегьы Ҷанба дырдыруан, аха аспектакль иахьахәаԥшуаз абас аиаша иазааигәаз адрама зҩыз автор иблаҭаԥшра ргәанарԥхон", — иҩуан Дарсалиа.

Абасала ахаша, рашәарамза 27 1928 шықәсазы иаатуеит аԥсуа драматә сектор ҳтеатр ахыбраҿы. Асцена аҟынтә иуаҳауан амҳаџьырра аӡыбылра иҭанагалаз, иаргәаҭеиуаз, ахақәиҭраз ақәԥараҿы иԥхьагылаз афырхаҵа Баҭал ибжьы: "Шьоукы атәра аҵкыс рҳәан, атәым дгьыл ахь еихеит. Даҽа џьоукы ирблыз рқьаԥҭажәқәа ирхылан, агәаҟра иаҵагылоуп. Иаанхаз абна илалт, ашьха рҽарҭеит…"

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арепертуар аҿы иахьагьы брендк аҳсабала иҟоуп адрама "Амҳаџьыр". Уи 86-тәи асезон алагамҭазы иқәиргылеит арежиссиор Алхас Шамба. Ақәыргылаҩ иҟаиҵаз ахҳәаақәа рҿы иаҳбоит ари "аспектакль гәҽанҵарак иаҩызоуп" ҳәа. Акырынтә ари аспектакль иахәаԥшхьоу лаҳасабала исҳәарц сылшоит, ахәаԥшцәа иахьагьы азҿлымҳара шарҭо. Аԥсны инхо реиԥш, ҳтәыла збарц зҭаху атуристцәагьы уи хшыҩзышьҭра арҭоит, атеатр асоциалтә даҟьаҿы изныкымкәа ргәаанагарақәа рҳәахьеит "шәҭоурых ҳаршанхеит" ҳәа.

Самсон Ҷанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2019

Иара убас, ари адрама 2017 шықәсазы идырбан Ҭырқәтәыла ҳара ҳџьынџьуаа раӷьырак ахьынхоз, уаҟагьы ахәаԥшцәа лаӷырӡышон ҳҭоурых хьанҭа иадҳәалаз ақәыргыламҭа ианахәаԥшуаз.

С. Ҷанба ҳлитература иазынижьит акымкәа адрамақәеи акомедиақәеи: "Аԥсны Ҳаным", "Иҳаҩсхьоу амшқәа рахьтә акы", "Зқьи акы маана", "Кьараз" уҳәа иахьатәи аамҭа иашьашәаланы асценатә ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоу арҿиамҭақәа. Иҟалоит иара убас, ииасыз ашәышықәсазы ишыҟарҵоз еиԥш, Ҷанба ипроза иалхны аинсценировкақәа ахәаԥшцәа рахь ицәыругаргьы. 1936 шықәсазы "Сеидыҟ" аԥсуа сценаҿы ицәырҵит (ареж. И. Жданов. Сеидыҟ ироль наигӡон Леуарса Касланӡиа). Иахьатәи атеатртә ҟазара алшарақәа акыр иҭбаахеит, арежиссиорцәа ирхәыцуеит еиуеиԥшым астиль ҿыцқәа, убри аҟынтә аԥсуа театртә культураҿы аԥеиԥш аманы иаанхо џьысшьоит Ҷанба ирҿиара.

Самсон Ҷанба инысымҩа акырӡа иҭбаауп, иҟалап иаҭахызар иҿыцу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Аҵыхәтәаны иҩымҭақәа реизга ҭыҵит 1986 шықәсазы. Аҵарауаҩ Хәыхәыт Бӷажәба уи аизгаҿы Ҷанба изы абас иҳәоит:

"Самсон Ҷанба аԥсуа жәлар ҷыдала ирызгәакьоу, акыр ирзаԥсоу рҵеицәа ирхыԥхьаӡалоу шәҟәыҩҩуп. Имхәанчо, исахьаркԥсараха, уамашәа имарианы, аха ирҵауланы иаҳныруа иажәа, иахьа уажәраанӡагьы ажәлар рыгәшәа ауеит, амч аманы, ишьаҭамырӡганы иаҳзынхеит".

R.S: Самсон Ҷанба диит 1886 шықәса рашәарамза 18 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы. 1967 шықәсазы С. Ҷанба ихьӡ ахҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр. Сынтәа иара диижьҭеи 140 шықәса ҵит.

Автори аредакциеи ргәаанагәарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Тамшь ақыҭан Даур Занҭариа дыргәаладыршәеит 0525-05-2026
2Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Алада Ешыра афымцацәаҳәақәа рыԥсахразы аусурақәа шцо0616-06-2026
3Ахба далацәажәеит аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭа шымҩаԥысуа атәы0527-06-2026
4Чамагәуаԥҳа хҩык аԥсуа композиторцәа риубилеитә концерт иазкны0520-06-2026
5"Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан": акәытқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи ажәлар разгәаҭарақәеи0527-06-2026
6Аҩӡба далацәажәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш 0522-06-2026
7Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны0520-06-2026
8Џьопуа дазааҭгылеит ацхыраара лас аԥхын аусура шеиҿкаауи ԥынгылақәас ироуеи ртәы0519-06-2026
9"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны0521-06-2026
10Количество подтопленных населенных пунктов в ЕАО достигло 400024-08-2019

Классификация: В стране. Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 5. Источник: sputnik-abkhazia.info.