Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Зразҟы иазықәԥо Филумена илызку ақәыргыламҭа: Аҿар ртеатр аспектакль ҿыц азы агәаанагара

Дата публикации: 12-06-2026 14:00:00

Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар, атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар ауеит, абас лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20260612/zrazy-iazyo-filumena-ilyzku-ayrgylama-aar-rteatr-aspektakl-yts-azy-agaanagara-1063606617.html

Зразҟы иазықәԥо Филумена илызку ақәыргыламҭа: Аҿар ртеатр аспектакль ҿыц азы агәаанагара

Зразҟы иазықәԥо Филумена илызку ақәыргыламҭа: Аҿар ртеатр аспектакль ҿыц азы агәаанагара

Sputnik Аҧсны

Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар, атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар ауеит, абас лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора... 12.06.2026, Sputnik Аҧсны

2026-06-12T17:00+0300

2026-06-12T17:00+0300

2026-06-12T17:00+0300

аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

акультура

аԥсны

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/0a/1063600238_0:31:415:264_1920x0_80_0_0_5a5f8ad64dce55b9b7ab3c9269b96c48.png

Ишьахәыз ахәылԥаз – абас азысҳәарц сылшоит иацы Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҿы имҩаԥысыз аԥхьарбара сахцәажәозар. Аԥсны атеатртә культура ашьаҿақәа еихнагоит, иара азы иреиӷьӡоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп ҳәа аҳәара уадаҩзаргьы. Адәахьы имҩаԥысуа ашоуқәа еиҳа азҿлымҳара шрымоугьы, атеатртә культура иара иалнахыз амҩа иануп макьана, уи зыԥсахуа иарбан ҟазара хку аҳәарагьы уадаҩуп ауаҩытәыҩса идоуҳа арбеира аганахьала ҳхәыцуазар. Атеатртә культура анысҳәа, иахьа даараӡа имаҷуп аналитика, апрофессионалтә критика. Атеатрқәа рсоциалтә даҟьақәеи аинформациатә хархәагақәеи рҿы уҳәа, ицәырҵуа аҳәамҭақәа еиҳарак аӡыргаратә ҟазшьа рымоуп. Анкьатәи атрадициақәа, атеатрҭҵааҩцәа ааны аспектакльқәа ирыхәаԥшны ахҳәаақәа аныҟарҵоз аамҭа ацәаара убаӡом. Насгьы, ҳара ҳшеибарку ала, акритика рацәак иҳадаҳкылом, уи зҳәазгьы ӷамхәырҭас дҟарҵоит, убри аҟнытә, сара абри зыҩуагьы, ахәаԥшҩы лпозициа аҟынтәи, даараӡа исгәаԥхо ауп сызлацәажәо.Аԥсны аҿар ртеатр аҿы шамаха аспектакльқәа зегьы срыхәаԥшхьеит, аха иахьа раԥхьаӡакәны ҿыц иҳадыргалаз аспектакль сазааҭгыларц сыӡбеит, избанзар, уи иснаҭеит даҽазнык аиҭахәаԥшразы агәаҳәара. Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар - атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар ауеит. Аҿар ртеатр аԥхьарбара ҟалаанӡа иӡырнагахьан ррепертуар аҿы раԥхьаӡакәны ишцәырҵуа амелодрама – ауаҩы идоуҳатә дунеи цәырызго арҿиамҭа. Аҿар ртеатр уаанӡагьы, 2015 шықәсазы иазхьаԥшхьан италиатәи адраматург, акомедиограф, актиор, арежиссиор Едуардо Де Филлипо ирҿиамҭа "Дуаҩуп даамысҭашәоуп" (ақәыргылаҩ Аԥсны Жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа). Асовет аамҭазы арежиссиор Нелли Ешба уи акомедиа аԥсуа сценаҿы иналыгӡахьан. Усҟан ианаало абызшәахьы еиҭеигеит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Иаҳҳәар ҳалшоит, Филлипо ирҿиамҭа акырџьара ишықәдыргылахьоу, изныкымкәа афильмқәа шалырххьоу. Ибзианы иаҳгәалшәоит, Софи Лорени Марчело Масторианни реицыхәмарра аиталиан неориализм иахаҭарнакыз арежиссиор Витторио Де Сика икинофильм "Брак по итальянский" аҿы. Уажәы Аҿар ртеатр атруппа иҳадыргалеит, ааԥхьара змоу арежиссиор Андреи Шлиапин акомедиеи адрамеи ахьеиларсу ҳәа ззырҳәо Филлипо ирҿиамҭа иалху "Филумена Мартурано". Ақәыргылаҩ Шлиапин ишиҳәаз еиԥшАспектакль ҿыц аҿы ароль хадақәа нарыгӡоит Аҿар ртеатр аҿы иреиӷьӡоу ҳәа ззаҳҳәаша Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Альдона Адлеиԥҳаи (Филумена Мартурано), Аслан Анқәаби (Доменико Сориано). Италиатәи амотивқәа аԥсуаа ҳаԥсабара акыр иазааигәоуп, убри акәхап, ианакәзаалакгьы ҳтеатр асценақәа рҿы ицәырҵуа арҿиамҭақәа ҳахәаԥшҩы ԥсыуа рҿиамҭоушәа изидикыло. Даараӡа имасырҽхәар сҭахуп арежиссиор Шлиапин ақәыргыламҭа. Избан ҳәа шәҵаауазар, ахәаԥшҩы "иҭра дыҭзырҟьоз", игәы еихьызшьуаз акгьы имхәыцӡеит, арежиссиор ихәшьадит ҳгәы зырцыхцыхуаз, асцена архиашьалеи уи иадигалаз имыцхәцәам асценографиеи стильла иаамысҭашәаны. Ҳазҭагылоу аамҭазы зны-зынла арежиссиорцәа аҽалкааразы иаҭахӡам ахырхарҭақәа арҿиара ианагәыларгало ыҟоуп, аклассика ҳаамҭазтәи ашәыгақәа ахаҳҵоит ҳәа иакәым аҟазшьақәа ахәаԥшҩы идыргалоит, уи иахылҿиаауа аҭыӡшәақәа лассы-лассы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵлоит. Шлиапин и-"Филумена Мартурано" акәзар, италиатәи амотивқәа аԥсуа драматург ирҿиазшәа, зынӡа ҳара иаҳтәны еиқәиршәеит. Альдона Адлеиԥҳа лынагӡарала ҳара даҳбоит ҩ-маҟак зымӷаҵаны аԥсҭазаара амҩақәа ирнысуа аԥҳәыс. Лзинқәа рацәамзаргьы, леиҳа зымчу, ахатә ҩыза лаҳасабала дазхазымҵо Аслан Анқәаб (Дон Доменико) иҿаԥхьа, актриса аханатә аиааиразы илымаз лыгәҭакы налыгӡоит. Ииашоуп, џара-џьара ауҟьанчаҟьан мыцхәцәазар ҟалап, лара еиҳагьы илнаалон деиқәтәаны лмонологқәа анылҳәоз, аха ус акәзаргьы, актриса иаалырԥшит даҽакы иаламҩашьо асценатә хаҿсахьа шьахә — зразҟы иазықәԥо, зҟамчԥҵаҵа ишахәҭоу изҟьо, зыгәҭакы анагӡашьагьы здыруа аԥҳәыс бзиа. Ари аспектакль аҿы адрамеи акомедиеи еилаӡҩоуп анаҳҳәо, зегь реиҳа уи ахырхарҭа анагӡара илшеит актиор Аслан Анқәаб.Иара ифырхаҵа зхы зымакәачроу амалуаҩ иакәзаргьы, зны-зынла аромантика иадызцәыло иакәны даабоит. Актиор ирлас-ырлас иҟазшьа аҽаԥсахуеит, днаҳәааҳәуеит. Уи анагӡара актиортә ҟазараҿы имариоу усым. Иалскаауеит Аслан Анқәаб (Доменико) еиликаарц данашьҭоу Филумена лԥацәа рахьтә иара иитәу дарбану. Урҭ арольқәа нарыгӡоит А. Кәарҷиа (Умберто), В. Абыхәба (Риккардо), С. Камкиа (Микеле). Арԥарцәа еидыртәаланы Доменико ашәа аныдирҳәо уарлахҿыхуеит, уагьархәыцуеит. Иара абжьы змоу иоуп, Филумена лԥацәа уи аҿы рацәак иаҩырцом. Ахаҵа ахшара зтәу азы агәыҩбара анимоу, еиҳаракгьы аԥсуа ԥсҭазаараҿы агәырҩацәгьа ҩнуҵҟала изыхҭызго иоуп. Анқәаб иакәзар, уи аарԥшра илшеит. Ахҩыкгьы рашәа дазыӡырҩуа "аԥышәара" мҩаԥго дантәоу, актиор ихаҿсахьа акырынтә аҽеиҭанакуеит. Иара агәыӷреи агәыҩбареи деимаркуеит. Атеатр абзиабаҩцәа ирабжьызгоит, хымԥада, иахәаԥшырц ахшара рыбзиабара шьаҭас измоу, зразҟы иазықәԥо аԥҳәыс Филумена илызку аспектакль. Араҟа арежиссиор еизигаз актиорцәа рансамбль – Мдар Сақаниа, Ахра Кәарҷиа, Марина Арсҭааԥҳа уҳәа, акыр еинааланы аус руан. Исгәаԥхеит даара арежиссиор иалихыз аԥштәы – илашацәамкәа, илашьцацәамкәа, иара аԥсҭазаара ахаҭа шыҟоу еиԥш еиҿкаан аспектакль аҭеиҭыԥш.Иазгәасҭарц сҭахуп, апиеса аԥсшәахь еиҭазгаз Нарсоу Абыхәба алшара бзиақәа шааирԥшыз, асцена аҟынтәи иҳаҳауан ицқьоу абызшәа. Уи аганахьала, Аҿар ртеатр аԥҟарақәа еиламгакәа асценатә бызшәа икылкааны ишашьклаԥшуа убоит. Ииашамкәа абжьықәыӷәӷәарақәа ахьықәыргылоу ажәақәа уаҳаӡом.Далскаарц сҭахуп зроль шәагаала идумыз, аха қәҿиаралҵәҟьа ицәырҵуаз, еснагь адәылҵырҭа иашьҭаз арԥыс ироль назыгӡоз актиор қәыԥш Ҳаџьараҭ Џьапуа. Сара раԥхьаӡакәны дызбоит уи асценаҿы. Араҟа, хымԥада, арежиссиор иаԥшьигеит ари ацәаҳәа – ахақәиҭра иашьҭоу ауаҩы ихаҿсахьа. "Адәылҵырҭа абаҟоу?" — аамҭа-аамҭала даацәырҵуан Џьапуа иперсонаж. Иара еснагь дашьҭан уи акылҳара аԥшаара. Абри ала арежиссиор ҳара иҳаиҳәоит, ԥхьаҟа ашьаҿеихгара уҭахызар еихацеилышьла ишшу аандақәа рҿы акылҳара уԥшаар шалшо, амала ауаҩы уи дацәымшәозар. Исымоуп згәаҭак, аспектакль афинал азы. Сгәанала, Филумени Доменикои рнапы еибаркны рҩызцәеи рԥызцәеи рыдкыланы агәыргьынхаҵара ианындәықәла, уи иадгалаз амузыкатә цхыраагӡа, амизансцена ҟаимаҭ ашьҭахь, иаԥсамызт дырҩагьых аперсонаж хадацәа реицәажәара авансцена азааигәара. Уи аспектакль ҭанажьуан. Филумена лразҟы лчаԥахьан, инҵәахьан аспектакль, ахәаԥшцәа ацԥыҳәаны рнапы еинырҟьахьан, иҟалап уи аҵыхәанӡа арежиссиор ицәыригаз аицәажәара мыцхәцәазар. Избанзар, хыхь идыргылахьан акәаԥ. Аԥсуа ԥҳәыс лразҟы ачаԥара азҵаараҿы аџьбарара ду шацу еиԥш, апиеса зырҿиаз адраматург иԥсадгьыл аҿгьы ус иҟан. Аԥҳәыс еснагь илыдрыԥхьаӡало ахымҩаԥгашьа "иаша" еилазго аҳәсақәа лахь роуеит ҳара ҳҿгьы. Аха, аԥсҭазаара еснагь иманшәаланы, иаԥҵоу аԥҟарақәа ирҭагӡаны амҩа анысра мариам. Альдона Адлеиԥҳа иаԥылҵаз аԥҳәыс лхаҿсахьагьы ус иҟоуп. Имариамыз алахьынҵа зқәашьхаз аԥҳәыс, зегь акоуп илчаԥеит лразҟи лыхшара рахь илымаз абзиабареи, насгьы акыраамҭа аҩнԥҳәыс лроль зыҩны иналыгӡоз Доменико (А. Анқәаб) мап ицәкра зынӡагьы иахьлылымшоз аҳаҭыразы. Абарҭқәа зегьы ҳара еилаҳкаауеит Аҿар ртеатр иахьа иҳаднагалаз ҭаацәарак рдрама иазкыз ақәыргыламҭа ала.Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

https://sputnik-abkhazia.info/20181004/ar-irnymiac--dhaca-guguoup-atetrt-kritica-akamzaara-ahkiapkiakua-1025198433.html

https://sputnik-abkhazia.info/20180119/atouriht-drama-apsua-szenakni-1022939795.html

https://sputnik-abkhazia.info/20260610/1063599722.html

https://sputnik-abkhazia.info/20250706/agalasharaei-aiagaei-azhurnal-alashara-akhati-anomer-akhaa-1055730085.html

https://sputnik-abkhazia.info/20260101/asyshala-iakho-shyanay-azhurnalist-eleonora-kooniaa-ashysti-leikhshaalaa-1059812430.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

2026

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/0a/1063600238_11:0:403:294_1920x0_80_0_0_09d94c3370bb51e6f453b37856310ef6.png

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, акультура, аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, акультура, аԥсны

Зразҟы иазықәԥо Филумена илызку ақәыргыламҭа: Аҿар ртеатр аспектакль ҿыц азы агәаанагара

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны

Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар, атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар ауеит, абас лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ишьахәыз ахәылԥаз – абас азысҳәарц сылшоит иацы Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҿы имҩаԥысыз аԥхьарбара сахцәажәозар. Аԥсны атеатртә культура ашьаҿақәа еихнагоит, иара азы иреиӷьӡоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп ҳәа аҳәара уадаҩзаргьы.

Адәахьы имҩаԥысуа ашоуқәа еиҳа азҿлымҳара шрымоугьы, атеатртә культура иара иалнахыз амҩа иануп макьана, уи зыԥсахуа иарбан ҟазара хку аҳәарагьы уадаҩуп ауаҩытәыҩса идоуҳа арбеира аганахьала ҳхәыцуазар.

Атеатртә культура анысҳәа, иахьа даараӡа имаҷуп аналитика, апрофессионалтә критика. Атеатрқәа рсоциалтә даҟьақәеи аинформациатә хархәагақәеи рҿы уҳәа, ицәырҵуа аҳәамҭақәа еиҳарак аӡыргаратә ҟазшьа рымоуп. Анкьатәи атрадициақәа, атеатрҭҵааҩцәа ааны аспектакльқәа ирыхәаԥшны ахҳәаақәа аныҟарҵоз аамҭа ацәаара убаӡом. Насгьы, ҳара ҳшеибарку ала, акритика рацәак иҳадаҳкылом, уи зҳәазгьы ӷамхәырҭас дҟарҵоит, убри аҟнытә, сара абри зыҩуагьы, ахәаԥшҩы лпозициа аҟынтәи, даараӡа исгәаԥхо ауп сызлацәажәо.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2018

Аԥсны аҿар ртеатр аҿы шамаха аспектакльқәа зегьы срыхәаԥшхьеит, аха иахьа раԥхьаӡакәны ҿыц иҳадыргалаз аспектакль сазааҭгыларц сыӡбеит, избанзар, уи иснаҭеит даҽазнык аиҭахәаԥшразы агәаҳәара. Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар - атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар ауеит.

Аҿар ртеатр аԥхьарбара ҟалаанӡа иӡырнагахьан ррепертуар аҿы раԥхьаӡакәны ишцәырҵуа амелодрама – ауаҩы идоуҳатә дунеи цәырызго арҿиамҭа.

Аҿар ртеатр уаанӡагьы, 2015 шықәсазы иазхьаԥшхьан италиатәи адраматург, акомедиограф, актиор, арежиссиор Едуардо Де Филлипо ирҿиамҭа "Дуаҩуп даамысҭашәоуп" (ақәыргылаҩ Аԥсны Жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа).

Асовет аамҭазы арежиссиор Нелли Ешба уи акомедиа аԥсуа сценаҿы иналыгӡахьан. Усҟан ианаало абызшәахьы еиҭеигеит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Иаҳҳәар ҳалшоит, Филлипо ирҿиамҭа акырџьара ишықәдыргылахьоу, изныкымкәа афильмқәа шалырххьоу. Ибзианы иаҳгәалшәоит, Софи Лорени Марчело Масторианни реицыхәмарра аиталиан неориализм иахаҭарнакыз арежиссиор Витторио Де Сика икинофильм "Брак по итальянский" аҿы.

Уажәы Аҿар ртеатр атруппа иҳадыргалеит, ааԥхьара змоу арежиссиор Андреи Шлиапин акомедиеи адрамеи ахьеиларсу ҳәа ззырҳәо Филлипо ирҿиамҭа иалху "Филумена Мартурано". Ақәыргылаҩ Шлиапин ишиҳәаз еиԥш

Ахәаԥшҩы ихаҭа иӡбуеит аспектакль иалиго ахәыцрақәа. Даҽакала иаҳҳәозар, дасу иԥсабара шыҟоу еиԥш ихатә лкаа ҟаиҵоит.

Аспектакль ҿыц аҿы ароль хадақәа нарыгӡоит Аҿар ртеатр аҿы иреиӷьӡоу ҳәа ззаҳҳәаша Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Альдона Адлеиԥҳаи (Филумена Мартурано), Аслан Анқәаби (Доменико Сориано).

Италиатәи амотивқәа аԥсуаа ҳаԥсабара акыр иазааигәоуп, убри акәхап, ианакәзаалакгьы ҳтеатр асценақәа рҿы ицәырҵуа арҿиамҭақәа ҳахәаԥшҩы ԥсыуа рҿиамҭоушәа изидикыло.

Даараӡа имасырҽхәар сҭахуп арежиссиор Шлиапин ақәыргыламҭа. Избан ҳәа шәҵаауазар, ахәаԥшҩы "иҭра дыҭзырҟьоз", игәы еихьызшьуаз акгьы имхәыцӡеит, арежиссиор ихәшьадит ҳгәы зырцыхцыхуаз, асцена архиашьалеи уи иадигалаз имыцхәцәам асценографиеи стильла иаамысҭашәаны.

Ҳазҭагылоу аамҭазы зны-зынла арежиссиорцәа аҽалкааразы иаҭахӡам ахырхарҭақәа арҿиара ианагәыларгало ыҟоуп, аклассика ҳаамҭазтәи ашәыгақәа ахаҳҵоит ҳәа иакәым аҟазшьақәа ахәаԥшҩы идыргалоит, уи иахылҿиаауа аҭыӡшәақәа лассы-лассы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵлоит.

Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2018

19 Ажьырныҳәа 2018, 13:39

Шлиапин и-"Филумена Мартурано" акәзар, италиатәи амотивқәа аԥсуа драматург ирҿиазшәа, зынӡа ҳара иаҳтәны еиқәиршәеит. Альдона Адлеиԥҳа лынагӡарала ҳара даҳбоит ҩ-маҟак зымӷаҵаны аԥсҭазаара амҩақәа ирнысуа аԥҳәыс. Лзинқәа рацәамзаргьы, леиҳа зымчу, ахатә ҩыза лаҳасабала дазхазымҵо Аслан Анқәаб (Дон Доменико) иҿаԥхьа, актриса аханатә аиааиразы илымаз лыгәҭакы налыгӡоит. Ииашоуп, џара-џьара ауҟьанчаҟьан мыцхәцәазар ҟалап, лара еиҳагьы илнаалон деиқәтәаны лмонологқәа анылҳәоз, аха ус акәзаргьы, актриса иаалырԥшит даҽакы иаламҩашьо асценатә хаҿсахьа шьахә — зразҟы иазықәԥо, зҟамчԥҵаҵа ишахәҭоу изҟьо, зыгәҭакы анагӡашьагьы здыруа аԥҳәыс бзиа.

Ари аспектакль аҿы адрамеи акомедиеи еилаӡҩоуп анаҳҳәо, зегь реиҳа уи ахырхарҭа анагӡара илшеит актиор Аслан Анқәаб.

Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2026

Иара ифырхаҵа зхы зымакәачроу амалуаҩ иакәзаргьы, зны-зынла аромантика иадызцәыло иакәны даабоит. Актиор ирлас-ырлас иҟазшьа аҽаԥсахуеит, днаҳәааҳәуеит. Уи анагӡара актиортә ҟазараҿы имариоу усым. Иалскаауеит Аслан Анқәаб (Доменико) еиликаарц данашьҭоу Филумена лԥацәа рахьтә иара иитәу дарбану. Урҭ арольқәа нарыгӡоит А. Кәарҷиа (Умберто), В. Абыхәба (Риккардо), С. Камкиа (Микеле). Арԥарцәа еидыртәаланы Доменико ашәа аныдирҳәо уарлахҿыхуеит, уагьархәыцуеит. Иара абжьы змоу иоуп, Филумена лԥацәа уи аҿы рацәак иаҩырцом. Ахаҵа ахшара зтәу азы агәыҩбара анимоу, еиҳаракгьы аԥсуа ԥсҭазаараҿы агәырҩацәгьа ҩнуҵҟала изыхҭызго иоуп. Анқәаб иакәзар, уи аарԥшра илшеит. Ахҩыкгьы рашәа дазыӡырҩуа "аԥышәара" мҩаԥго дантәоу, актиор ихаҿсахьа акырынтә аҽеиҭанакуеит. Иара агәыӷреи агәыҩбареи деимаркуеит.

Атеатр абзиабаҩцәа ирабжьызгоит, хымԥада, иахәаԥшырц ахшара рыбзиабара шьаҭас измоу, зразҟы иазықәԥо аԥҳәыс Филумена илызку аспектакль. Араҟа арежиссиор еизигаз актиорцәа рансамбль – Мдар Сақаниа, Ахра Кәарҷиа, Марина Арсҭааԥҳа уҳәа, акыр еинааланы аус руан. Исгәаԥхеит даара арежиссиор иалихыз аԥштәы – илашацәамкәа, илашьцацәамкәа, иара аԥсҭазаара ахаҭа шыҟоу еиԥш еиҿкаан аспектакль аҭеиҭыԥш.

Иазгәасҭарц сҭахуп, апиеса аԥсшәахь еиҭазгаз Нарсоу Абыхәба алшара бзиақәа шааирԥшыз, асцена аҟынтәи иҳаҳауан ицқьоу абызшәа. Уи аганахьала, Аҿар ртеатр аԥҟарақәа еиламгакәа асценатә бызшәа икылкааны ишашьклаԥшуа убоит. Ииашамкәа абжьықәыӷәӷәарақәа ахьықәыргылоу ажәақәа уаҳаӡом.

Далскаарц сҭахуп зроль шәагаала идумыз, аха қәҿиаралҵәҟьа ицәырҵуаз, еснагь адәылҵырҭа иашьҭаз арԥыс ироль назыгӡоз актиор қәыԥш Ҳаџьараҭ Џьапуа. Сара раԥхьаӡакәны дызбоит уи асценаҿы. Араҟа, хымԥада, арежиссиор иаԥшьигеит ари ацәаҳәа – ахақәиҭра иашьҭоу ауаҩы ихаҿсахьа. "Адәылҵырҭа абаҟоу?" — аамҭа-аамҭала даацәырҵуан Џьапуа иперсонаж. Иара еснагь дашьҭан уи акылҳара аԥшаара. Абри ала арежиссиор ҳара иҳаиҳәоит, ԥхьаҟа ашьаҿеихгара уҭахызар еихацеилышьла ишшу аандақәа рҿы акылҳара уԥшаар шалшо, амала ауаҩы уи дацәымшәозар.

Ажурнал Алашара - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2025

Исымоуп згәаҭак, аспектакль афинал азы. Сгәанала, Филумени Доменикои рнапы еибаркны рҩызцәеи рԥызцәеи рыдкыланы агәыргьынхаҵара ианындәықәла, уи иадгалаз амузыкатә цхыраагӡа, амизансцена ҟаимаҭ ашьҭахь, иаԥсамызт дырҩагьых аперсонаж хадацәа реицәажәара авансцена азааигәара. Уи аспектакль ҭанажьуан. Филумена лразҟы лчаԥахьан, инҵәахьан аспектакль, ахәаԥшцәа ацԥыҳәаны рнапы еинырҟьахьан, иҟалап уи аҵыхәанӡа арежиссиор ицәыригаз аицәажәара мыцхәцәазар. Избанзар, хыхь идыргылахьан акәаԥ. Аԥсуа ԥҳәыс лразҟы ачаԥара азҵаараҿы аџьбарара ду шацу еиԥш, апиеса зырҿиаз адраматург иԥсадгьыл аҿгьы ус иҟан. Аԥҳәыс еснагь илыдрыԥхьаӡало ахымҩаԥгашьа "иаша" еилазго аҳәсақәа лахь роуеит ҳара ҳҿгьы. Аха, аԥсҭазаара еснагь иманшәаланы, иаԥҵоу аԥҟарақәа ирҭагӡаны амҩа анысра мариам. Альдона Адлеиԥҳа иаԥылҵаз аԥҳәыс лхаҿсахьагьы ус иҟоуп. Имариамыз алахьынҵа зқәашьхаз аԥҳәыс, зегь акоуп илчаԥеит лразҟи лыхшара рахь илымаз абзиабареи, насгьы акыраамҭа аҩнԥҳәыс лроль зыҩны иналыгӡоз Доменико (А. Анқәаб) мап ицәкра зынӡагьы иахьлылымшоз аҳаҭыразы. Абарҭқәа зегьы ҳара еилаҳкаауеит Аҿар ртеатр иахьа иҳаднагалаз ҭаацәарак рдрама иазкыз ақәыргыламҭа ала.

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2026

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1Гәынба дазааҭгылеит Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ртәы0510-06-2026
2Ҟәыруа еиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аԥхын аусура шеиҿкаахо0507-05-2026
3Қапԥҳаи Кәыҵниаԥҳаи азааҭгылеит аицлабра ахықәки аиааира згаз рпроектқәеи ртәы 0501-06-2026
4Ахба далацәажәеит аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭа шымҩаԥысуа атәы0527-06-2026
5Џьопуа дазааҭгылеит ацхыраара лас аԥхын аусура шеиҿкаауи ԥынгылақәас ироуеи ртәы0519-06-2026
6Еныкьи Анқәаби еиҭарҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥхьарбара аҽазыҟаҵара ишаҿу0508-06-2026
7"Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан": акәытқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи ажәлар разгәаҭарақәеи0527-06-2026
8Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны0520-06-2026
9Ихшыҩрҵагоу аҭоурых: аспектакль "Ҳаиҭ, ма алакә ҵыхәаԥҵәарада" аԥхьарбара мҩаԥысит 0501-06-2026
10Атеатр бзиа избо рзы: Урыстәыла Атеатр маҷ агастрольқәа рызхәыцра 5713-06-2026

Классификация: Культура. Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 5. Источник: sputnik-abkhazia.info.